Аиԥылараҿы алахәылацәа алацәажәеит аагарҭақәа, апартниорцәа аус рыдулара ашьақәыргылара, ииашаны аҳасабырба амҩаԥгара.
Аекспертцәа раара иара убасгьы Очамчыреи Гали рраионқәеи рҟны апаллиативтә цхырааразы аҩны агәаҭаратә проект аусура аларгара иадҳәалоуп, уи азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иԥылараан.
Асеминар аиҿкаареи Белгородтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа аимдареи адгылара арҭеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу аппарат.
