Print this page
24.Абҵара.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА: «ЕВРОПАТӘИ АТӘЫЛАҚӘА РЕИДГЫЛА АԤСНЫ АДУНЕИ АҞӘЫҬХАРАЗЫ ҚАРҬ ИМҨАԤНАГО ИЗАКӘАНЫМ АГУМАНИЗМ ИАҾАГЫЛО АПОЛИТИКА ИАДГЫЛОИТ».

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.

Аԥсны адунеи аҟәыҭхареи аичырчареи ирызхоуп Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара Европарламент мап ахьыркыз ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Евроеидгыла Аԥсны адунеи аҟәыҭхаразы Қарҭ имҩаԥнаго аполитика иадгылоит. Ирыдыркылаз аԥкырақәа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Азеиԥш декларациеи атәылауаҩратәи аполитикатәи зинқәа рзы Жәларбжьаратәи апакти, ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аконвенциеи еиларгоит. Европарламент аӡбра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара азин ԥнакуеит.

Агәҭынчымра ааҳарԥшуеит жәларбжьаратәи азин анормақәа реилагара аҭыԥ ахьамоу азы.

 

 


Read 509 times - Ахәаша, 25 Абҵара 2022 13:08