Print this page
30.Абҵара.2022

ИААИУА АШЫҚӘС ИНАРКНЫ АХӘЫҶЫ ИИРА АЗЫ АСОЦИАЛТӘ ШӘАТӘҚӘА ИРЫЦҴАХОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Анапхгара аҿы ахәыҷы иира азы асоциалтә шәатәқәа реизырҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ахәыҷы иира аан, ани аби, ма руаӡәк аус иуазар, 22 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраагӡа роуеит, ахәыҷы иҭаацәа аус рымуазар, усҟан иарбоу аԥаратә цхыраагӡа   –  17 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ибара азы ирыҭахо аԥсшьараамҭа иалагӡаны есымза анацәа ирзыршәо аԥаратә цхыраагӡа 7 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уаанӡа уи 3000 мааҭ рҟынӡа инаӡон.  


Read 412 times