Print this page
04.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ ИОФИЦИАЛТӘЫМ ВИЗИТЛА ДАҬААИТ ҬАҬАРСҬАН АРЕСПУБЛИКА АХАДА РУСТАМ МИННИХАНОВ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны иофициалтәым визитла Аԥсны иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов диԥылеит.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Аԥсныҟа иааира аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рҳәаа иҭагӡаны аусеицура арҿиара иадҳәалоуп.

2022 шықәса ԥхынгәымза 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  усуратә визитла Ҭаҭарсҭан Ареспублика даҭааит.

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов Аԥсны раԥхьаӡакәны официалтә визитла даҭаахьан 2015 шықәса жьҭаарамза 1 азы.

 

 


Read 438 times