Print this page
31.Ажьырныҳәа.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ МАҴЗУРА АХАҬАРНАК КОНСТАНТИН КОЗЛОВИ АҨ-ҲӘЫНҬҚАРРАК РҲАЗЫЛХРАТӘ МАҴЗУРАҚӘА РУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә маҵзурақәа роперативтә усеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо Алеқсандр Анқәаб Константин Козлов Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара ишазхиоу азы адырра ииҭеит.

Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Аԥсны аԥыза-министр иарбоу азҵаара аусуратә знеишьа азы  иҭабуп ҳәа еиҳәеит.


Read 283 times - Ахаша, 01 Жәабран 2023 13:32