Print this page
31.Ажьырныҳәа.2023

АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АИДГЬЫЛУАА РАССОЦИАЦИА «АПСНЫПРЕСС» АԤҴАРА АМШ ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАНАҴЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аидгьылуаа Рассоциациа аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара амш инамаданы уи анапхгараҭареи аколлективи ирыдныҳәалоит.   

«28 шықәса ирылагӡаны «Аԥсныпресс» аофициалтә, ииашоу, иҵабыргу, аобиективтә, актуалра злоу аинформациа иахыҵхырҭаны иҟоуп.  Уи иарҵабыргуеит «Аԥсныпресс» иахьазхьаԥшуа иналукааша урыстәылатәии мрагыларатәии амассатә информациа ахархәагақәа. Аинформациатә ҵакыра аҿы обиективла аусура азнеишьа аредакциеи уи анапхгареи рзанааҭтә дырра аҩаӡара аҳаракра арҵабыргуеит.

Ишәыдаҳныҳәалоит аинформациатә Маҵзура аԥҵара Амш. Ишәзеиӷьаҳшьоит аихьӡара ҿыцқәа, аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара ацлара, шәырҿиаратә гәҭакқәа зегьы рынагӡара, аизҳазыӷьареи ажәабжь бзиақәеи!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҟны.


Read 269 times - Ахаша, 01 Жәабран 2023 13:09