Print this page
03.Жәабран.2023

АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА “ԤСОУ” АҾЫ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАҨ ИДЫРБАЛЕИТ ИАГЬИМЫРХИТ АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА ИАЗКУ АППАРАТҚӘА ҨБА.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 2 рзы ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә хылаԥшра азона «Аимпорт» ахырхаҭа аҿы Аԥсны атәылауаҩ Башников Л.Г. зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит.   Агәаҭараан амашьына асалон аҿы апассаџьыр итәарҭа ашьҭахьтәи аган аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ҩба.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә  усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп. 


Read 427 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:12