Print this page
04.Мшаҧы.2023

400-ҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА ГАЛ АРАИОН АУААԤСЫРА АҲӘЫНҬҚАРРА АТӘЫЛАУАҨРА АДА УИ ИАХЬАҴАНАКУА АНХАРАЗЫ АЗИН АРШАҲАҬГАҚӘА РОУРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  400 – ҩык Гал араион ауааԥсыра аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа роураны иҟоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Гал араион ала апаспорттә ҟәша ахь инашьҭхеит 400 инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра атәылауаҩра ада уи иахьаҵанакуа анхаразы азин аршаҳаҭгақәа рыбланкқәа. Аршаҳаҭгақәа раураны иҟоу рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гал ақалақьи Гал араиони руааԥсыра.

Асиақәа кнаҳауп апаспорттә ҟәша афоие аҿы. Аусшәҟәқәа рыҭара мҩаԥысуеит аусуратә мшқәа рзы, асааҭ 9:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ГалМедиа.


Read 286 times