Print this page
26.Мшаҧы.2023

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы зҽалызкааз Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара мҩаԥысит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Ахылаԥшырҭа иатәу Ирласны аҭакҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аԥҵара 5-шықәса ахыҵра инамаданы, изаамҭанытәиу арратә хьыӡқәа ранашьареи зҽалызкааз аотриад аусзуҩцәа аџьшьара рыҭареи иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. 

Ацеремониа ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи Ирласны аҭкҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит, анаҩстәи русураҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.

 

 


Read 166 times