Print this page
26.Мшаҧы.2023

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Поликанов аԥснытәи ашколхәыҷқәа дырԥылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи атурист-ҵарадырратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы Аԥсны ашколхәыҷқәа рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭаранакра анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ  Дмитри Поликанов илекциа мҩаԥгахеит.

Дмитри Поликанов ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аӡбамҭақәа рыдкылара апроцесс иамоу аҷыдарақәа ртәы, азанааҭ алхраан нас уахьымхәырц азы цқьа азхәыцреи аҭакԥхықәра аарԥшреи шаҭаху, насгьы аҵара рҵарц ахьырҭаху аҵараиурҭа аналырхуа ахшыҩзышьҭра зырҭаша далацәажәеит.  

Ашколхәыҷқәа аинтерес кны аспикер изыӡырҩуан, ирызцәырҵуаз азҵаарақәагьы ирҭон.

 

 


Read 177 times