Print this page
28.Мшаҧы.2023

Ауаажәларратә палата «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус ашьақәыргылара азы» азакәан апроект азы абжьгарақәа еиқәнаршәоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус ашьақәыргылара азы» азакәан апроект алацәажәаразы Ауаажәларратә палата  ахь инанашьҭыз ажәалагала инамаданы,  мшаԥымза 25 рзы Апалата апрофильтә комиссиақәа хԥа –  атәылахьчара, амилаҭтә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы (ахантәаҩы Леонид Осиа), аекономикатә ҿиареи аусдкылара адгылара аҭареи рзы (ахантәаҩы Дауҭ Агрба), аҳәынҭқарратә ргылареи аҭыԥантәи ахаланапхгареи ауаажәларратә диалог аиҿкаареи рзы (ахантәаҩы Ераст Агумаа) русуратә еиԥылара мҩаԥысит.  

Мшаԥымза 26 рзы ари азҵаара алацәажәара Аԥсны жәлар Реиҿкаара ахаҭарнак Омар Смыри азакәандырҩы-аексперт Саид Гезердааи алархәны иацҵахеит.

Аконструктивтә ҟазшьа аҭаны имҩаԥысуаз аиԥылара аихшьаалақәа рыла, «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус ашьақәыргылара азы» азакәан апроект ахь урҭ ркомментариақәа шыҟаҵахо, анаҩс урҭ Ауаажәларратә палата алахәылацәа рыла ишахәаԥшхо азы еиқәшаҳаҭхеит.  

Мшаԥымза 27 рзы Ауаажәларратә палата аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад  анапхгаҩы Рустам Латипов, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура анапхгаҩы Едуард Гамисониа алархәны аиԥылара мҩаԥысит.

Имҩаԥгаз аиԥыларақәа рылҵшәақәа рыла, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус ашьақәыргылара азы» азакәан апроект азы абжьгарақәа еиқәдыршәоит.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Ауаажәларратә палата апресс-маҵзура.

 

 


Read 316 times