Print this page
02.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәхоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа лаҵарамза 2-4 рзы Аминералтә ӡқәа рыҟны раԥхьаӡақәны имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа далахәхоит.

Иахьа аԥснытәи аделегациа Урыстәылатәи Афедерациа – Ставропольтәи атәылаҿацә ашҟа ицеит.

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада афедералтә усбарҭақәа рнапхгареи Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ иалоу асубиектқәа рхадацәеи, акорпорациа дуқәа рнапхгаҩцәеи дырԥылараны дыҟоуп.

 

 


Read 219 times