Print this page
05.Рашәара.2023

Аԥсны иҿыцу даҽа заанаҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҿыцу даҽа заанаҭныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит.  

Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламнттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Аилатәараҿы иахәаԥшит «Аԥны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.

Уажәы излацәажәо азанааҭтә ныҳәақәа: лаҵарамза 17 – Аԥсны аҳәынҭқарра Адипломатиатә Маҵзура Амш; рышьақәыргылара азҵаара ауп. Рашәарамза 10 – Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика аусзуҩ Имш; Ԥхынгәымза 4 – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиқәырхаҩ Имш.

Азакәан апроект ахәаԥшреи ахцәажәареи реихшьалақәа рыла апарламнттә Еилакы алахәылацәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент иабжьгазарц имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараан ари азакәан апроект аҩбатәи аԥхьараан ирыдыркыларц.

 


Read 267 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 12:40