Print this page
05.Рашәара.2023

Сарида Лакәатаа ирласу ашахматқәа рзы аицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Анатоли Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ашахматқәа рышкол ааӡамҭа Сарида Лакәатааԥҳа аҳәса рыбжьара ирласу ашахматқәа рзы аицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аицлабрақәа рашәарамза 4 - 5 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан.  Атурнир зынӡа рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи 80-ҩык инарзынаԥшуа ашахматистцәа.  


Read 258 times - Аҩаша, 06 Рашәара 2023 16:24