Аҟәа. Рашәарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳақьымцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Агәабзиарахьчара аҿы алагала дууи зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара ранашьоуп:
Конџьариа Маиа Алеқсандр-иԥҳа – Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны иҟоу ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым-педиатр.
Хәырхәмал Шьазина Родик-иԥҳа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-пульмонолог.
«Агәабзиарахьчара аусхкы аҿы алагала дууи шықәсырацәала ламысцқьала аусуразы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп Еныкь Алла Таҷ-иԥҳа – аҳақьым-лаборант, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аклиникатә лабораториа аиҳабы.