Print this page
06.Ԥхынгәы.2023

Аминистрцәа Реилазаара аҿы акультура-ҭоурыхтә ҭынха аобиектқәа реиқәырхара иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалист хадацәеи анапхгаҩцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аусбарҭа аиҳабы Гарик Сангәылиа аусбарҭа изаамҭанытәиу аусуразы адырра ҟаиҵеит.  

Аилатәара аҿы аҭоурыхтә, акультуратә, адоуҳатә ҭынха ахьчара иазкны имҩаԥгахо  аҳәынҭқарратә политика азинтә ҭышәынтәалара, иарбоу аусхкы аҿы анорматитә база аиӷьтәра, аҭынха аобиектқәа рсиа аиқәыршәара апринципқәа ралкаара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥыза-министр аҳәынҭуасбарҭа алархәны, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа  аусура аматериал-техникатә еиқәыршәарагьы уахь иналаҵаны, ицәыргаз азҵаарақәа аус рыдулареи уи азы ажәалагалақәа рыдгалареи рзы  аминистрцәа Реилазаара Аппарат адҵа аиҭеит.


Read 196 times - Аԥшьаша, 06 Ԥхынгәы 2023 22:51