Print this page
06.Ԥхынгәы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба атәылахьчара Аминистрра аҟәшеиҵа ҿыц азыхиара агәаҭара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 5 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азеиԥшарратә хысырҭатә дәы «Нагвалоу» аҿы атәылахьчара Аминистрра аҟәшеиҵа ҿыц азкызааратә хыдҵақәа рынагӡара ишазхиоу азы агәаҭарақәа мҩаԥигеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада иӡбамҭа инақәыршәаны, атәылахьчара Аминистрра иҷыдоу аҟәшеиҵақәа раԥҵареи урҭ аперспективтә абџьар хкқәа, арратәии иҷыдоуи атехникеи рыла реиқәыршәареи Арбџьармчқәа рырратә потенциал аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны хаҭалатәи аилазаара ҳаамҭазтәи аметодқәа рхархарала разыҟаҵра азы адҵа аҭан.  

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан аԥырҩыда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа рԥышәаратә хархәара азы иҟоу адыррақәеи алшарақәеи анапхгараҭара асистемақәеи урҭ ринформациатә еиқәыршәареи, пилотда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа рхархәарала артиллериатә хысрақәа рымҩаԥгареи уҳәа  аарԥшын.

Бадра Гәынба хаҭалатәи аилазаара рырратә зыҟаҵара ахәшьара ҳаракы аиҭеит, уи иҷыдоу арратә техника ахкқәа рыҿиараҿы хра злоу адинамика шыҟоу иҳәеит, иара убас атәылахьчара Аминистрра аринахысгьы атәыла анапхгара аганахьала ганрацәала адгылареи ацхыраареи шаиуло инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 Иарбоу аинспекциатә ныҟәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ ицын ашәарҭадара Ахеилак амаӡныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рауль Лолууеи.


Read 213 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 00:56