Print this page
06.Ԥхынгәы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Мрагыларатәи Аԥсны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Мрагыларатәи Аԥсны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәаа иаԥну Гал араион аҿы ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала имҩаԥысуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада идҵа анагӡара шымҩаԥысуа гәеиҭеит, убри аан уи аусурақәа рхаҭабзиареи ирзыԥҵәоу аҽҳәарақәа рҭагӡареи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит.

Гал араион аҿы иҟоу арратә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәа рахь аинспекциатә ныҟәара аҿы иара убас рхы аладырхәит ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа.

 

 


Read 208 times - Ахәаша, 07 Ԥхынгәы 2023 00:56