Print this page
25.Лаҵара.2022

ЛЕО КАСЛАНӠИА ДАХЬЫНХОЗ АҨНЫ АҾЫԤШЫЛАРАТӘ ГАН АҾЫ АКТИОР ИЏЬАЗТӘ БАРЕЛИЕФ ЗНУ АМЕМОРИАЛТӘ ӶӘЫ ШЬҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иури Воронов имҩаду ала игылоу аҩнеихагыла №8 аҿыԥшыларатә ган аҿы Аԥсны Жәлар рартист, иналукааша ауаажәларратә усзуҩ Леуарсан Шьардын-иԥа Касланӡиа (25.05.1912ш. – 30.08.1996ш.) иџьазтә барелиеф зну  амемориалтә ӷәы шьақәдыргылеит.

Уи актиор иҭаацәа раԥшьгарала, Аҟәа ақалақь Ахадареи С.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аԥсуа драматә театри иҟарҵаз адгыларала ишьақәыргылахеит.


Read 677 times