Иԥхьагылоу аҟәшеиҵақәа аибашьра иалагеит, убри аан урҭ БТР-82А, агаранатаршәгақәа РПГ-7В, иара убас аштаттә хысратә бџьар рхархәарала хазы-хазы иҟаз аӷа игәыԥқәа рықәгара алдыршеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә Округ аруаа ихыҭҳәаау аӷа ирразыҟаҵаратә лагерь ықәырхит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура.
Аруаа аԥырҩыда иԥыруа аԥрыгақәа БТР-82А, иара убас акәылӡтранспортиорқәа рхархәарала «аӷа» итәарҭа иахьаҵанакуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Аԥшаара-ԥшыхәратә гәыԥқәа ихыжәжәароу ахыбрақәа рыбжьара ицыҵаҵәахны иҟаз арра-зыҟаҵаратә лагерь рыԥшааит, анаҩс ихыҭҳәаау аҿагылаҩ иобиектқәа рахь ажәылара мҩаԥыргеит.
Иԥхьагылоу аҟәшеиҵақәа аибашьра иалагеит, убри аан урҭ БТР-82А, агаранатаршәгақәа РПГ-7В, иара убас аштаттә хысратә бџьар рхархәарала хазы-хазы иҟаз аӷа игәыԥқәа рықәгара алдыршеит.