Print this page
08.Цәыббра.2023

Нестор Цужба аԥкьаҭмпылтә турнир «Спартак Ахраҿа» аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥкьаҭмпыласҩы Нестор Цужба аԥкьаҭмпылтә турнир «Спартак Ахраҿа» аҿы 13 шықәса зхымҵыц ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит. 

Атурнир мҩаԥысуан Москва ақалақь, цәыббрамза 4 инаркны 8-нӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Нестор Цужба азыҟаҵаҩ Алеқсандр Мальцев инапхгарала Алеқсандр Островски ихьӡ зху Академиа аҿы иҽазыҟаиҵоит.  Иара Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны Ареспубликатә аԥкьаҭмпылтә школ адиректор, аԥьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабеҭ Акәыциа лааӡамҭа иоуп.  


Read 287 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 23:20