Print this page
10.Цәыббра.2023

Беслан Абҳазаа иҽыҩқәа ҩба Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҽырыҩрақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Беслан Абҳазаа иҽыҩқәа ҩба Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҽырыҩрақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Караель Абан ашьацқьа злоу англиатәи аҽыжәла иаҵанакуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара имҩаԥгаз аҽырыҩра аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, Осман Абан – араԥтәи аҽыжәла иаҵанакуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара.

Аҩ-ҽырыҩрак 1200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциаҿы имҩаԥысуан.


Read 227 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 23:31