Print this page
17.Цәыббра.2023

Гагра араион аҿы 51-шықәса зхыҵуа ахаҵа аӡы дагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иваново ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз, 1972 шықәса рзы ииз Риабчиков Игорь Иури-иԥа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭа азааигәара аӡы дагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Ацхырааразы аԥсеиқәырхаҩцәа ирыдҵаалеит Игорь Риабчиков Аԥсны зыԥсы ицызшьоз иҭынхацәа.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа 09 сааҭи 16 минуҭи рзы аҭыԥ ахь инеит.

Аӡы иагаз иԥсыбаҩ аӡхәыҵалаҩцәа рыла иԥшаан 12 сааҭи 04 минуҭи рзы», - ҳәа иазгәаҭоуп аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырра аҿы.


Read 415 times - Амҽыша, 17 Цәыббра 2023 14:12