Print this page
21.Цәыббра.2023

Гагра араион аҿы аԥсабараҿы амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҿы аԥсабараҿы амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла гектарк аҟынӡа иахьаҵанакуа амца амҽханакит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апрес-маҵзура.

Амца ирланы алаҵәара ишьақәгылан иҟоу ашоура ауп изыхҟьо. Гагра араион ала Амцарцәара-еиқәырхаратә Отриад аусзуҩцәа амцарцәаратә ԥшь-бригадак рымчала амцакра ааныркылеит. Урҭ рыҟалара мзыс иамоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

Аиқәырхаҩцәа ауааԥсыра рахь агәҽанызаара аадырԥшларц, абылрацәыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит. Мап анакәха, ахҟьаԥҟьа ӷәӷәа змоу мҽхакы ҭбаала абнатә мцакрақәа рыҟаларазы ашәарҭара шьақәгылоит. 


Read 274 times - Ахәаша, 22 Цәыббра 2023 13:32