Print this page
27.Цәыббра.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра 30-шықәса ахыҵра амш. 1993 шықәса, цәыббрамза 27 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны фырхаҵара згым, аҵак  ду змоу арыцхәқәа ируакуп.

Абри амш аҽны ихыркәшан Аҟәа зегьы ахьынӡанаӡааӡо ахақәиҭтәразы 11 мшы ицоз аоперациа.

Ҳархәҭақәа Аԥсны аҳҭнықалақь абираҟ шәыршәыруа ианахадыргыла ашьҭахь, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи аӷа дықәцаны аҭарцәразы ажәылара иацырҵеит.

Аҟәа аҭарцәра марианы иҟамлаӡеит. Иҳацәҭахеит шәҩыла ҳҵеицәа гәымшәақәа, иара убас аԥсуа жәлар зҭагылаз аамҭа хьанҭақәа раан аиашьара рзырурц иааз хатәгәаԥхаралатәи  аибашьцәа. Рыхьӡ кашәаа ақәым урҭ, хьӡи-ԥшеи згым афырхацәа!

Иахьа Аҟәа аҿиара, аиҭашьақәыргылара ианаҿу, ҳара ҳаҭырла, гәыблыла, иаҳгәалаҳаршәоит уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зегьы.

Иҟазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь аҟны аҭынчра, аизҳазыӷьара!

Ҽаанбзиала шәнеилааит, сыуажәлар!  

 

 


Read 315 times - Ахаша, 27 Цәыббра 2023 16:31