Print this page
27.Цәыббра.2023

Аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгыларатә ашәа азы аконкурс мҩаԥысит С.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьд аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рыбжьара ацәаҳәақәгыларатә ашәа азы аконкурс мҩаԥысит. 

Аусмҩаԥгатә алагаанӡа ашколхәыҷқәа рахь ихы рханы дықәгылеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

«Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра ҳџьынџьтылатәи еибашьраҿы акырӡа иззыԥшыз мшны иҟалеит. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа!», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

Ацәаҳәақәгыларатә ҽазыҟаҵара анаҩс, ашколхәыҷқәа арратә напышьашәалатәи аибашьра аелементқәа аадырԥшит.

Аусмҩаԥгатә Аҟәа ақалақь Ахадарала еиҿкаахеит.


Read 269 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 08:24