Print this page
11.Жьҭаара.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ашьхара иӡыз ахаҵа иԥшаара иаҿуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ашьхара иӡыз 56- шықәса зхыҵуа Нури Сыҷынаа иԥшаара иаҿуп.  Аиқәырхаҩцәа аминистр  Лев Кәыҵниа дрыцны аԥшаара ахьымҩаԥысуа аҵакыра иахаԥрит, аха алҵшәақәа макьаназы изаарԥшымхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Ашьхараҿы иуадаҩу аԥсабаратә ҭагылазаашьа шыҟоугьы, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан инхо ахаҵа иԥшаара иацҵоуп.


Read 217 times - Ахаша, 11 Жьҭаара 2023 22:25