Print this page
20.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Владимир Соловиов иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ателехәаԥшратә мҩаԥгаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Соловиов иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Рудольф-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит шәира Амш!

Аԥсны Шәара иуадаҩу аполитикатә зҵаарақәа ииашаны разнеишьа иадгыло апатриот иаша иаҳасабала шәеицырдыруеит. Шәара шәыпринципиалра даара иҳараку ахәшьара аҭара иаԥсоуп. Агәра ганы сыҟоуп Шәара инашәыгӡо ауаажәларратәи ажурналисттәи аусура аидгылареи аҭычреи аиҩызареи рыҿиара ишазку.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аизҳазыӷьара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара, аҭаԥхықәра зцу шәусура аҿы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи.

 


Read 324 times