Print this page
01.Абҵара.2023

Теолина Аршба Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәгақәа рымадара азы аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵа инақәыршәаны, Смыр Ахра Виктор-иԥа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәгақәа рымадара азы аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩы имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп даҽа усурак ахь дахьыиасуа инамаданы.  

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәгақәа рымадара азы аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡара лыдҵоуп Аршба Ҭеолина Станислав-иԥҳа.


Read 258 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 19:57