Ирбоу азинеилагарақәа рыла ихацыркуп 922 административтә зинеилагаратә уси ҩ-шьауски, 1,8 млн. инеиҳаны аконтрабандатә сигареҭ рымырххьеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагара инаркны краснодартәи аҳазылхыҩцәа рыла иаарԥшын Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ала изакәанымкәа аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы – 463 факт, аҳазатә гәаҭара ацәыҵәахра иадҳәалоу – 74 факт уахь иналаҵаны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазылхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ирбоу азинеилагарақәа рыла ихацыркуп 922 административтә зинеилагаратә уси ҩ-шьауски, 1,8 млн. инеиҳаны аконтрабандатә сигареҭ рымырххьеит.