Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-афорум «Россия» — ари атәыла ихадоу аихьӡарақәа рдемонстрациа ахьымҩаԥысуа плошьадкоуп. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Урыстәыла 89 регион, афедералтә министррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, Жәлабжьаатәи ацәыргақәҵа – афорум «Россия» аплошьадка аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҵарадыра Аминистрреи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центри «Смена» аусеицуразы амеморандум рыбжьаҵара иадҳәалаз ацеремониа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр адиректор Игорь Журавлиови.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа 2023 шықәса, ԥхынҷкәынмза 19 – 24 рзы Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр «Смена» анапхгара ааԥхьарала Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-форум «Россия» ихы алаирхәуеит.