Print this page
28.Ԥхынҷкәын.2023

Гагра ақалақь аҿы иԥшааны иаҿырхит акриптовалиута арҳара иазкыз 25-маруга.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь, Аҟәатәи амҩаду ала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә шәарҭадара аҟәшеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» аспециалистцәа рыцырхырааны, Еныкь Аинар Беслан-иԥа итәыз, акриптовалиута арҳара иазкыз 25-маруга ԥшааны иаҿырхит.

Аиқәыршәагақәа зегьы аԥшәма имхуп. Урҭ Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Гагра араион аҟәша иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.  


Read 362 times - Аԥшьаша, 28 Ԥхынҷкәын 2023 14:30