Print this page
19.Ажьырныҳәа.2024

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра иашамхаӡеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы арҭҟәацгақәа рзымԥшааӡеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит атәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

 «Ҳара азыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит ас еиԥш ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәааразы», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҭыԥ аҿы аус руан акинологцәа, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа, егьырҭ иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәагьы. Ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ахыбра идәылган.

Ашкол ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь иҟалеит 12:00 сааҭ инарзынаԥшуа.


Read 79 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 15:49