Print this page
19.Ажьырныҳәа.2024

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟарҵеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи абжьаратәи ашкол  N2 артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟарҵеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа.

Аҭыԥ аҿы аус руеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи егьырҭ иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәеи. Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ахыбра идәылгоуп.

«Ҳара иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳаҿуп. Раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷқәеи аперсонали дәылаҳгеит», - ҳәа иагәеиҭеит Лев Кәыҵниа.

 


Read 79 times - Ашәахьа, 22 Ажьырныҳәа 2024 15:52