Print this page
05.Жәабран.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Игорь Ахба ииублеи идырныҳәалеит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, 75-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҿы раԥхьатәи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара акавалер Игорь Ахба.  

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив аиубилиар идныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Ишәыдышәкыл Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала Шәара шәира Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа!

Даара иҳаракны ахә ҳшьоит аԥсуа дипломатиа ашьақәгылараҿы Шәара шәлагала, зыҩаӡара ҳараку шәзанааҭдырреи шәус гәк-ԥсыкала азнеиреи.

Шәара еиҵашәааӡеит иахьагьы Зыԥсадгьыл амаҵ азызуо иакымкәа-иҩбамкәа адипломат ҿарацәа рабиԥара.

Ареспублика Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив  ишәзааигәоу ауааи Шәареи гәык-ԥсыкала ишәзеииӷьаршьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аԥсуа ишықәснҵыра ду!» - ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.


Read 305 times - Ашәахьа, 05 Жәабран 2024 17:52