08.Цәыббра.2022

ГӘДОУҬАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АЦРЫӠМҨАНГАРЕИ АӠЫМҨАХГАРЕИ РСИСТЕМА АРҼЕИРА МҨАԤГАХЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәыҭа аҟны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада, Гәдоуҭа архитектор хада, иара убас аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» ахаҭарнакцәа.   

Аилатәара иалахәыз ахәышәтәырҭа аусура аиҿкаашьа, иара убас арыцқьаратә шьақәгылагақәа русура иадҳәаланы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, уажәазы астационартә хәышәтәра араҟа иахысуеит  акоронавирустә ҿкы чымазара змоу 12 - ҩык апациентцәа. Аиҳарак урҭ иарбоу ачымазара иаццәырҵуа ачымазара лаҽқәа змоу роуп.

Араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба ишазгәалҭаз ала, акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 ауааԥсыра реиҳарак имарианы ирхыргоит, урҭ аҩны рҽырхәышәтәыргьы алшоит.

Арыцқьаратә шьақәыргыларақәа ракәзар, урҭ Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҵыхәтәантәи иҭаара аан ишақәиргәыӷыз ала,  иқәсхьаз ацрыӡмҩангареи аӡымҩахгареи рсистема  иадҳәалоу апроблема аӡбара алыршахеит.

Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылара» ахаҭарнакцәа арыцқьаратә шьақәыргыларақәа зегьы аԥышәара арежим ала ишахәҭоу аус руеит ҳәа аминистр адырра ирҭеит. Иарбоу амедицинатә усбарҭа анапхгараҭара азгәаҭарақәа зегьы ҳасаб рзура ашьҭахь, Асанитартә епидемиологиатә Станциа аӡы агәаҭара мҩаԥыргоит, анаҩс алкаагьы ҟарҵоит. Убысҟан ауп ари аобиект инагӡаны ахархәарахь ианоушьҭхо.

 


Read 533 times - Аԥшьаша, 08 Цәыббра 2022 13:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.