15.Цәыббра.2022

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМШХӘАԤШТӘ, ДОНБАСС, ИНАПХГАРАТӘЫМ АИҾКААРАҚӘА РУСУРА АШЬАҚӘЫРГЫЛАРА: АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҞНЫ ИҞОУ АМЕДИАЦЕНТР АҾЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ХЕИЛАК АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Цәыббрамза 15 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак ахәбатәи аилатәара мҩаԥысит.  Уи мҩаԥигон атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. Аиԥылара аартуа, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анаԥхгаҩы жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иадҳәалоу азҵаарақәа рыхәаԥшра, анаҩс Инапхгаратәым Аиҿкаарақәа русура ашьақәгылара иадҳәаланы ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбара азы ажәалагала ҟаиҵеит.  

Аминистр иажәақәа рыла, адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа акыр иуадаҩхеит, Кавказ иҟоу аҭагылазаашьагьы уахь иналаҵаны. Урыстәыла арратәии аекономикатәии аресурсқәа Донбасынтәи ахьарԥшра,  иарбоу аус аԥырхагахара иазку амчрақәа рацәаны иҟоуп.

«Урҭ иреиуоуп Қырҭтәылагьы, уи НАТО ацхыраарала активла арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит, аԥырҩыдақәа раахәареи рхатәы территориа аҿы рҭыжьреи рзы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Ас аҭынч ԥсҭазаара акәӡам, аибашьра ауп рҽыззыҟарҵо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Уи игәаанагарала, Қырҭтәыла аганахьала Аԥсны аконфликт аҿиара азы ашәарҭара ду ыҟоуп.

Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Қырҭтәыла уажәы «ҩ-мцак ирыбжьагылоуп» ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, Урыстәыла иаҿагыланы «аҩбатәи афронт» аартра азы азҵаара Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда  ақәҿиарара иузаҟәымҭхо иадҳәалахоит. Украина аҭагылазаашьа Урыстәыла инанагӡо аполитика иахәо ишьақәгылар, усҟан Қырҭтәыла  еиҳа аҽынкылара  аанарԥшыр алшоит, ус анакәымха, Қарҭ Урыстәыла иаҿагыланы инанагӡар зылшо ашьаҿақәа атәылақәа жәпакы аҟынтәи адгылара аиур алшоит.  

Аԥсни Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи реизыҟазаашьақәа ракәзар, урҭ активла рырҿиара хымԥадатәиуп.

«Ҳара уи зегьы ҳхаҳгахеит, уи ахьаа зеиӷьаҟам ала иаҳдыруеит. Адунеи иҿыцу астадиа иалалеит, уи  шьаҭанкылатәи аҽыԥсахрақәа ирыдҳәалоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Сергеи Шамба уажәы адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа 1962 шықәсазтәи Карибтәи акризис иаҿирԥшит.

«Иахьа  аҭагылазаашьа еиҳагьы иуадаҩуп, избан акәзар, хадара злоу аӡбамҭақәа рыдкылара азы аҭакԥхықәра зду ауаа рыбжьара адемагогцәа акыр ирацәаҩхеит. Уи зегьы акыр ашәарҭара аҵоуп. Амчра знапы иаку аиҳабацәа реиҿагылараҿы еснагь ааха зауа зымчра маҷу роуп», - ҳәа иҳәеит иара.

 

Сергеи Шамба иара убас 1993 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар аиааира агара рылзыршаз акзаареи аилибакаареи иахьа аԥсуа уаажәларра рыҩныҵҟа иҟаӡам.

«Уажәы уи аҩыза акзаареи аилибакаареи ыҟаӡам. Ас еиԥш аҭагылазаашьаҿы арра-политикатә зҵаарақәа рыдагьы, иара асоциал-економикатә проблемақәагьы рыӡбара акыр иуадаҩхоит. Ҳара ҳамчқәа еилаҵаны аӡәк еиԥш ҳаидгыланы аус аауроуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, Урыстәыла Украина инанагӡо Иҷыдоу арратә операциа еиҳа аибарххара зцу афаза ахь ииасуеит ҳәа иазгәеиҭеит, уи Аԥсны арратә шәарҭадара арӷәӷәара азы конкретла ауснагӡатәқәа рыдгалара мҩаԥигеит.

Ҭемыр Гәлиа Егры аӡиас ала афортификациатә шьақәгылагақәа рыргыларала ахьчара ацәаҳәа аиҿкаареи ауаажәларратә хыхьчара арӷәӷәареи  хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ҭемыр Гәлиа игәаанагарала, уи азы атәыла иахәҭоу арезервқәа амоуп.   

«Аԥсны иахьа акоммерциатә обиектқәа рыргылара мҩаԥысуеит, уи иаанаго аргыларатә техника ыҟоуп. Иара убас, ҳара иҳамоуп иазыҟаҵоу арратә кадрқәа, Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз арратә нџьнырцәа. Ҳара зегьы ҳаицхырааны афашизм аиааира ҳалшоит хымԥада», – ҳәа  иҳәеит Ҭемыр Гәлиа.

Аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алеқсеи Цыгәба Донбасс хатәгәаԥхарала аибашьразы ицар зҭаху аибашьцәа  рзы ҷыдала аиҿкаара аԥҵара ахәҭоуп, ари апроцесс ахалагаратә ҟазшьа аанамхәарц, еиҿкааны имҩаԥысларц азы ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Гал араион ԥыхьатәи ахада, ауаажәларратә усзуҩ Ҭемыр Надараиа, Данбасс иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо, «ҳара ари апроблема иахәҭоу азҿлымҳара аҳҭаӡом, ҳааигәара иааҳгаӡом, ҳпозициагьы аинфальтивтә ҟазшьа амоуп» ҳәа иазгәеиҭеит.   

Уи игәаанагарала, Донбасҟа агуманитартә цхыраара адәықәҵара иацҵатәуп ,еиҳарак Аԥсны меигӡарах иҟоу, иаагозар аӡрыжәтә.

Иара убас, Ҭемыр Нодараиа,  Қырҭтәыла аганахьала  ажәыларатә усмҩаԥгатәқәа аныҟала аамҭазы ауааԥсыра адырра рызҭо асистема аԥҵара иаҵоу аҵакы ахадара дазааҭгылеит. Уи иажәақәа рыла уи азы  ауааԥсыра амассатә информациа ахархәагақәа рыла абомбҽыԥхьакырҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рырдырра, ауааԥсыра рыбжьара «дарбанызаалак иҟаҵатәу идырырц» азы ҷыдала аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара хымԥадатәуп.  

«Абаза - ТВ» адиректор Хада, Ауаажәларратә Палата алахәыла Руслан Ҳашыг хатәгәаԥхарала еибашьуеи урҭ рҭаацәеи асоциалтә цхыраара рыҭара азҵаара ықәиргылеит. Иара аибашьра иалахәыз рзинқәа рыхьчара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Уажәы иааиуа ашықәс азы абиуџьет ашьақәгылара мҩаԥысуеит. Уи  аныҟәгаҩы дзыԥхаз аҭаацәа афинанстә цхыраара рыҭаразы аԥаратә хархәгақәа разԥхьагәаҭара хымԥадатәиуп. Зныктәи ацхыраара аҭара адагьы есымзатәи аԥара азоужьра еиҿкаатәуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Руслан Ҳашыг Донбасс азы агуманитартә цхыраара аҭыԥқәа рҿы аизгара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа аинформациатә дгылара хымԥада ишеиҭо иҳәеит.   

Иара убас, уи игәаанагарала, аԥышәа змам хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа еиҿкаарада, ишабалак еиԥхьытта  аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рахь рдәықәҵара ҟамлароуп.

Ҭемыр Гәлиа Руслан Мкан-иԥа иажәақәа ирыцҵо Аԥсны иҟоуп Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, урҭ аҳәынҭқарра аҟынтәи ироуа ацхыраара рызхо иҟам ҳәа иазгәеиҭеит. Уи ари аусура азы афинанстә лшара змоу  атәыла абизнес-еилазаара адыԥхьалара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Алхас Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рыбжьаҵара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыпроектқәа активла аус рыдулара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭазы урҭ рнапаҵыҩра мҩаԥысыр алшоит.

Алхас Барцыц алхыҩцәа  Қырҭтәыла аганахьала иҟалар зылшо бџьаршьҭыхларатәи ажәылара аԥхьырҟәҟәаара аҽазыҟаҵара азҵаарақәа акыр иаргәамҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит: «Ауаа ргәы арҭынчуам иҟоу аҭагылазаашьа, иахьцо рызыдырам, иахьеизо рыздырам. Аҭыԥқәа рҿы аштабқәа еиҿкаатәуп, иара убас иаку акоординациатә центргьы аԥҵатәуп».

Руслан Ҳашыг Инал Арӡынба Кавказнҭыҵ Аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьа азы азҵаара ииҭеит.  

Атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҿцәажәаратә процесс Қарҭ ахарала ишьақәҟьаны иҟоуп, ааигәа имҩаԥысыз атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рҿы ацхантәаҩцәеи реиԥылара «конкретла алҵшәақәа ҳәа акгьы аанамырԥшӡеит».

Инал Арӡынба иара убас Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз, амина ахаԥжәарала иоуз ахәра иахҟьаны зшьапы хырҵәаз Алиас Аҩӡба Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аиураҿы ацхыраара шиоуа азы  адырра ҟаиҵеит.

Амшхәаԥштә иарбоу аҩбатәи зҵаараны иқәгылоуп инапхгаратәым аиҿкаарақәа русура аҭышәынтәалареи ашьақәгылареи  рзы азакәан апроект аус адулара азҵаара.

Аха ари азҵаара алацәажәара иалагаанӡа жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәа  -  Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет, World Vision International, ахҵәацәа русқәа рзы Даниатәи Ахеилак , «Амлакра аҿагылара азы аиҿкаара», «The HALO Trust» рхаҭарнакцәа  Аԥсны инарыгӡо апроектқәеи имҩаԥырго аусуреи ирылацәажәеит.

Иқәгылоз ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәа Аԥсны инарыгӡо апроектқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, аус ииадҳәалоу аминистррақәа, аҭыԥантәи Ахадарақәа  рақәыршаҳаҭра ашьҭахь ауп ианымҩаԥысуа.  

Излацәажәаз апроектқәа зегьы – агуманитартәии асоциалтәи зкызаара рымоуп.

«Икоммерциатәым аиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи рзы» азакәан апроект акәзар, уи аус адулара Аԥсны аиустициа Аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рҿы имҩаԥысуеит. Аусшәҟәы аҭыԥантәи еиԥш, жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәагьы ирызкхоит.  Документ будет касаться деятельности как местных, так и международных неправительственных организаций.


Read 3456 times - Аԥшьаша, 15 Цәыббра 2022 22:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.