08.Рашәара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА 2022 ШЫҚӘСАЗТӘИ АКУРОРТТӘ ААМҬА ИАЗКНЫ ИНАРҬБААУ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада 2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа иазкны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит атуристцәа агәахәара рыманы рыԥсы ршьаразы, урҭ ршәарҭадара аиҿкааразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара шаҭаху. «Иақәнагоу аилазаарақәеи аусбарҭақәеи дасу рнапы иану нхарҭәааны инарыгӡалароуп ҳтәыла иаҭаауа атуристцәа даҽазныкгьы аара рҭаххартә еиԥш», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа иазкыз аилацәажәараҟны ажәахә хада ҟазҵаз атуризм аминистр Ҭемраз Хышба иҳәеит 2019 шықәса раахыс атуристцәа рнырхара иазку аобиектқәа рхыԥхьаӡара 60% рыла ишазҳаз, рыԥхьарҭа ҭыԥқәа – 44% рыла.

«Ҳазҭагылоу аамҭазы ареспубликаҟны 683 нхарҭатә обиект ыҟоуп, урҭ 36 591 ԥхьарҭа ҭыԥ рымоуп» - иҳәеит Хышба. Ҵыԥх, уи иажәақәа рыла, урыстәылаа рзы Аԥсны Ҭырқәтәыла анаҩс аҳәаанырцә еиҳа изҭаауаз хырхарҭан, усҟан ареспублика иаҭааит 1,5 млн-ҩык атуристцәа. Ари аҩыза ҟамлацызт 1992 шықәса раахыс.

Атуризм аминистр мап ацәимкит адунеитә економика аҵыхәтәантәи ахҭысқәа инарымаданы сынтәа аԥхынтәи аԥсшьара ахә бжьаратәла 30% ишазҳауа.

Аслан Бжьаниа дазҵааит 2021 шықәсазы атуристтә усхк иазоужьыз аинвестициа амҽхак, иара убас шаҟа нхарҭатә обиекти усурҭа ҭыԥи еиҿкаау аԥхынразы 2022 шықәсазы. Аслан  Бжьаниа Атуризм аминистрреи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи рнапы ианиҵеит аҭыԥаҟны иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара, атуристцәа здызкыло, нхарҭала еиқәзыршәо ҿыц иргылоу асасааирҭақәеи агәабзиарчаԥарҭақәеи рзы адырра ирҭарц.

Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит ари аус аргыларақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҟны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа адрыԥхьаларц.  Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада изықәнагоу аусбарҭақәа рыхшыҩ азишьҭит еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра, ҷыдала, афатәтәи азинхьчаратәи шәарҭадара аусхкқәа рыҟны.

Аԥхынтәи акурорттә аамҭазы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә зинтәлеишәа ахьчаразы имҩаԥнаго иҷыдоу аусмҩаԥгатәқәа дрылацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба.

Аслан Бжьаниа дазҵааит гагратәии гәдоуҭатәии Аҩныҵҟатәи аусқәа рраионтә ҟәшеи аҟәатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭеи аусуразы иахьынӡеиқәыршәоу. Астатистика ала, имҩаԥысуа ацәгьоурақәа зегьы рахьытә 90% инареиҳаны арҭ араионқәа рыҟны имҩаԥысуеит. «Иҟоуп акадртә проблемақәа», - ҳәа иҳәеит аминистр Вальтер Быҭәба, штатла аиқәмыршәара иааизакны 20% рҟынӡа шартәо азгәаҭаны. 

Ауаажәларратә  шәарҭадареи ацәгьоурақәа раартреи рзы аусура арӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, Аҳәынҭқарра Ахада атуристцәа ахьнырхахо аобиектқәа рыҟны ашьклаԥшразы хымԥада акамерақәа рышьақәыргыларазы адҵа ҟаиҵеит. Аслан Бжьаниа араионқәа рхадацәеи, аҭыԥаҟны азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, асасааирҭақәеи агәабзиарачаԥарҭақәеи зтәуи ари аусмҩаԥгатә иадшәыԥхьалароуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дазааҭгылеит ареспублика амедусҳәарҭақәа акурорттә аамҭа ишазхиоу атәы. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дазҵааит акурорттә аамҭазы амедусҳәарҭақәа рықәыӷәӷәара ахьынӡеизҳауа. 

Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит аԥхын Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа ишрыдҵаало 8-нызқьҩык рҟынӡа атәылауаа. «Амедицинатә усбарҭақәа реиқәыршәара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны, Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала иаахәан амедицинатә цхыраара ласы автомашьынақәа быжьба. Акурорттә аамҭазы аусура иадԥхьалахоит урыстәылатәи аколлегацәагьы, ари аусеицура аус адулара иаҿуп Агәабзиарахьчара аминистрра», - ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра имҩаԥнаго аусурақәа ртәы дазааҭгылеит   аминистр Леуа Кәыҵниа. Уи иазгәеиҭеит атуристцәа еиҳа изҭаауа араионқәа рыҟны амедицинатә цхыраара ласы амедицинатә ԥыԥшырҭақәа ԥшьба реиҿкаара шаҭаху. 

Аилацәажәара хыркәшо, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ареспубликатә мҩа ду ҷыдала ахылаԥшра шаҭатәу. «Амҩатә згәаҭа ашәарҭадара анормақәа ирықәшәозароуп. Уи адагьы, амҩанымҩахыҵ аҭыԥқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ирыцқьалатәуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада аусбарҭақәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара ицәгьам ҳәа ахә ишьеит. Убри аангьы АА ААР Аҳәынҭавтоинспекциа аганахьала игәы шынамӡо азгәаҭаны, аусура еиӷьтәтәуп ҳәагьы адҵа ҟаиҵеит. 

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иаусбарҭа анапхгара, аминистрцәа Реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа, атуробиектқәа рхаҭарнакцәа.

 

 

 


Read 1786 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.