22.Абҵара.2022

ЛАША АШӘБА: «АԤСУА ҬҴААРАДЫРРАТӘ ЕИЛАЗААРА – АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АХЫҴХЫРҬА».

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи дрыдныҳәалеит.

Иахьа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аусура хацнаркит  Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аԥҵоижьҭеи 100 аҵра иазку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Аԥсуа ҭҵаарадырратә Еилазаара – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахыҵхырҭа».

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз адҵала  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡада аконференциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рзы иҟаҵаз адныҳәалара атекст даԥхьеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иналукааша ҭҵаарадырратә усбарҭоуп. Аинститут аҭоурыхтә мҩа хацыркын 1922 шықәсазы Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара иатәыз Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә еилазаара ашьаҭала. Раԥхьа ари аилазаара Аԥсны аарыхратә мчқәа, уи афлора, ақыҭанхамҩа азҵаарақәа, атәыла археологиеи аетнографиеи рызҵаарақәа рыҭҵаара иазкын.

Иазгәасҭарц сҭахуп, Аилазаара Апрезидиум ишалаз аҵарауааи усҟантәи Аиҳабыра алахәцәеи:  Нестор Лакоба, Самсон Ҷанба, Андреи Ҷоҷуа, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы  Дырмит Гәлиа уҳәа уб.егь..

Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара аԥшьгарала имҩаԥыргон аҵак ду змаз аусмҩаԥгатәқәа, урҭ иаарылукаартә иҟоуп 1924 шықәсазы иааԥхьаз Амшынеиқәа аԥшаҳәеи Мраҭашәаратәи Кавкази атәылаҿацәҭҵааҩцәа I Реизара ду. 1925 шықәсазы еицырдыруа кавказҭҵааҩы, академик Николаи Мар иаԥшьгарала Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаараҟны еиҿкаан Симон Басариа напхгара ззиуаз аԥсуаҭҵаара аҟәша. Иара убри ашықәсаз жьҭаарамзазы иаԥҵан хазы иҟоу аҭҵаарадырратә усҳәарҭа Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа. Уи раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан Аԥсны Аҵаралашара жәлартә комиссар Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа, ашьҭахь – Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа.

Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа хьӡи-ԥшеи змаз тәылаҿацәҭҵааратә усҳәарҭақәан. 1930 шықәса лаҵарамза 28 рзы Аԥсны Аҵаралашара жәлартә комиссар идикылаз азыӡба инақәыршәаны, Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа  Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә  институт ҳәа иҟаҵан. 1931 шықәса нанҳәамза 5 рзы азыӡба рыдыркылеит Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҭҵаарадырратә  институти реидҵаразы, иагьахьӡҵан Аԥсуа тәылаҿыцәҭҵааратә институт ҳәа.

Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара ианаамҭаз Аԥсны ауаажәларратә ҭҵаарадырратә академиаҵәҟьаны иҟан.

Сара агәра згоит Аконференциа ҳаамҭазтәи аҵарауаа Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара иаԥнаҵаз аҵасқәа рынагӡаразы, аԥхьаҟагьы урҭ рԥышәа аҭҵаарадырратә усураҟны ахархәаразы алшара шырнаҭо

Аконференциа иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа, лыҵшәабзиала аусеицура».

 

 


Read 296 times - Аҩаша, 22 Абҵара 2022 18:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.