29.Лаҵара.2022

АХАҬАБЗИАРА, АГЬАМА, АЕКОЛОГИАРА: АПЛАТФОРМА «ГӘЫМА» АҾЫ АХШ ИАЛХУ ААЛЫҴ АХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 28 рзы акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы имҩаԥысит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәаалыҵтәии ақыҭанхамҩатә

аалыҵтәии аиҿкаареи «Еиду-Амилаҭқәа Реиҿкаара-аҳәса» ҳәа изышьҭоу аиҿкаареи имҩаԥнагаз ахәаахәҭратә цәыргақәҵа. Араҟа ицәыргақәҵан иарбоу аиҿкаарақәа  иалаху  иҭрыжьуа ахш иалху афатә аалыҵқәа, урҭ иреиуоуп иаагозар ашә ахкқәа: "качотта", "кашкавал" и "халуми".  Иара убас ицәыргақәҵан ааигәа имҩаԥысыз Н. Б. Ачба ихьӡ зху аԥсуа ҩқәа рконкурс алахәылацәа – иреиӷьу аҩыҟаҵаҩцәа хкы-хкыла рыҩқәа. 

Иазгәаҭатәуп, ицәыргақәҵаз афатә аалыҵ агьама агәаҭара ҟалон.  Иуҳәар алшоит зегьы: ахарҵәы аума, ашәқәа роума, хкыхкыла   аџьанџьыхәа, иара убас алаҳәарҩеи акиви иалху аршьышьи даараӡа ргьама бзиоуп ҳәа.

 


Read 1683 times - Аԥшьаша, 09 Рашәара 2022 11:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.