Print this page
22.Ԥхынҷкәын.2022

МАРИА ЗАХАРОВА: ЕВРОПАТӘИ АТӘЫЛАҚӘА РЕИДГЫЛА ГАНКАХЬАЛАТӘИ АӠБАМҬА АЛА МИЛЛИОНҨЫЛА АУААԤСЫРА РЕИҬАНЕИААИРА АԤКРАҚӘА АЛАГАЛАХОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса рзы Европатәи атәылақәа Реидгыла Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу асубиектқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  рҿы ирыҭоу урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рзинмчы азхамҵареи адымкылареи рыпринцип закәанла ашьақәырӷәӷәаразы иаднакылаз аӡбамҭа аофициалла иҭыжьхеит.  

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, ари жәларбжьаратәи азин еилазго адискриминациатә практика Европатәи атәылақәа Реидгылеи Шенгентәи азона иаҵанакуа ассоциациатә еизыҟазаашьақәа змоу аҳәынҭқарра-алахәылацәеи рзакәанԥҵара иахәҭакны иҟалеит» ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Мариа Захарова лажәақәа рыла, арҭ авизатә санкциақәа рыуаҩымра аазырԥшуа акакәны иҟоуп урҭ Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа авизақәа раиура азы иаларҵо аусшәҟәқәа аиаша иацәыхароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иахьазырхоу.

«Убас ала, Европатәи атәылақәа Реидгыла ганкахьалатәи аӡбамҭа ала миллионҩыла ауааԥсыра реиҭанеиааира аԥкрақәа алагалахоит».

Мариа Захарова, Урыстәыла иамоу алшарақәа зегьы рыла атәылауаа ринтересқәеи рзакәантә зинқәеи  рыхьчара иацнаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.


Read 312 times - Ахәаша, 23 Ԥхынҷкәын 2022 20:57