27.Лаҵара.2022

АҞӘАТӘИ ИРЕИҲАӠОУ АЗЕИԤШАРРАТӘ КОМАНДАТӘ ҴАРАИУРҬА АБИТУРИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА ИАЛАГЕИТ.

Аҟәа. Лаҵарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшарратә командатә Ҵараиурҭа азанааҭҵара «Амотохысратә ҟәшеиҵақәа арратә хархәара», иара убас атәылауаҩратә занааҭ «Аперсонал азы аменедџьер» рыла  абитуриентцәа рыдкылара иалагеит.

Аҵара – 4 шықәса ирылагӡахоит. Аҵараиурҭа алгара ашьҭахь аушьҭымҭацәа «алеитенант» ҳәа арратә хьӡы ранашьахоит.

Аҭаларазы аусшәҟәы рыдыркылоит рашәарамза 10, 2022 шықәса рҟынӡа анхарҭаҭыԥ иахьаҵанакуа иҟоу Арратә комиссариатқәа рҿы.

Адыррақәа раиуразы абарҭ аҭел аномерқәа рыла адҵаалара ҟалоит: +7 (940) 773 47 47; 8 (840) 229 77 348; 8 (840) 229 77 34».   


Read 1782 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.