Print this page
04.Мшаҧы.2023

АЛХАС КӘЫҴНИА АҶЫДАЛКААТӘ ЗИНМЧЫ ЗМОУ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ҲӘА АЧЫН ИАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кыҵниа Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҳәа иреиҳаӡоу адипломатиатә чын ианашьахеит.

«Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ ҳәа адипломатиатә чын ианашьазааит Кәыҵниа Алхас Алықьса-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражҳәаҩ», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.


Read 229 times