20.Мшаҧы.2023

Адамыр Багаҭелиа: абилеҭқәа рыхәԥса аизҳара Риҵатәи апарк аҭаара акала иаԥырхагамхаӡеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҭаларазы абилетқәеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.  

Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи ареликтә милаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭаара азы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы русура аихшьаалақәеи иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбаразы иҟаҵоуи ирылацәажәахоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Мшаԥымза, 2022 шықәсазы атәыла анапхгара Ақәҵарала Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҭааразы абилетқәа рахәԥса 350 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа ихалеит, Афонҿыцтәи аҳаԥы  аҭаларазы  –  500 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа.  

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа ишазгәеиҭаз ала, Риҵатәи апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса  2014 шықәса раахыс ихамлаӡакәа иаанханы иҟан.  

«Ҳара ҳазлахәаԥшуа ала, уи ииашаӡамызт, избан акәзар, апарк аҿы еиуеиԥшым анхамҩатә усурақәа рынагӡара ахәҭаны иҟоуп. 2014 шықәса инаркны иааубаратәы ихалеит абылтәи ахьшьтәи рыхәԥса. Иара убас, апарк аусзуҩцәагьы аформамаҭәақәа рҭахуп. Убри зегьы рзы аԥара аҭахуп. Еиҿҳарԥшуазар, Шәачатәи аҳәарԥсарра аҭааразы ишәатәуп   2 нызықь мааҭ», –  ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Риҵаҟа инагоу амҩа иаваршәны иҟоу  70 шықәса иреиҳаны изхыҵуа абетонтә ҵаргәатә ҭӡқәа рырӷәӷәара аҭахуп.

«Иҳаҩсыз ашықәс азы амҩаду 8-тәи акилометр аҿы аҿыбгара ҟалеит.  Иарбоу аҭыԥ апарк ишаҵанамкуагьы, ҳара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагеит, урҭ ирықәҳхарџьит 9 млн. мааҭ. Иара убас амҩа 40-тәи акилометр аҿы аҿыбгара ҟалеит.  Араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирықәхарџьхеит 17 млн. мааҭ. Хара имгакәа аӡиа акәыршоурала иҟалаз аҿыбгарақәа рықәгара иазкны аусурақәа наҳагӡараны ҳаҟоуп. Иара убасҵәҟьа аҳәынҭқарратә дача ахь инагоу амҩаҿы аҿыбгара инамаданы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Заанаҵтәи аҳасабркрала уи иаҭаххоит 8 - 9 млн. мааҭ иреиҵамкәа», –  ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк аҵакыра – 39 нызықь квадраттә километр рҟынӡа инаӡоит. Араҟа иҟоуп апансионат «Ауадҳара», ирацәаны абнахылаԥшырҭақәа. Апарк ахылаԥшра имаҷымкәа ахарџь ацуп.

Апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра аԥшьызгаз Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анапхгараҭара ауп.  

«Ҳара ари азҵаара аԥшьаҳгеит, аминистрцәа Реилазаара аҿы адгылара ҳарҭеит. Хаҭала сара шәсазҵаауазар, абилеҭ ахәԥса 1500 мааҭ еиҵамзароуп», - ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.

Уи ахәԥсақәа рышьҭыхра аҭаара акала иаԥырхагамхаӡеит ҳәа ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Апарк аҭаларҭа аҿы иҟоу аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ х-еиҭакрак рыла аус ауеит. Аиҭакк аҿы иҟоуп  7-8 инспектор. Апарк аҭааразы ахәԥса анапынҵа ԥарала еиԥш, инапынҵадоу ахшәааралагьы, мамзаргьы атерминал ала иҟалоит.  

́Адамыр Багаҭелиа иажәақәа рыла, апарк аҿы хықәкы хаданы иқәдыргыло атуристцәа алшықәсанык рыдкылара алыршара ауп.

Уи азы иаахәатәхеит асықәгагатә техника, аӡынтәи аамҭахәҭазы ӡыла аиқәыршәара азҵаара ӡбатәхеит.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҳасабеилыргаҩы Хада Стелла Абӷаџьаа абилеҭ 350 мааҭ ианыркуаз аамҭазы билеҭк аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа реихшара шымҩаԥысуаз атәы еиҭалҳәеит. 100 мааҭк Гәдоуҭа ақалақь Ахадара ахь ицон, 90 мааҭ ареспубликатә биуџьеҭ ахь,  10 мааҭк – агәыҳалалратә фондқәа рахь, 150 мааҭ Риҵатәи апарк аҿы ахархәаразы иаанхон.  

Уажәы, абилеҭ ахәԥса 700 мааҭ рҟынӡа ианынаӡо, Гәдоуҭа ақалақь Ахадара ахь ицоит  100 мааҭк, 210 мааҭ – ареспубликатә биуџьеҭи абиуџьетнҭыҵтәии афондқәа рахь, 110 мааҭ – агәыҳалалратә фондқәа рахь, Риҵатәи апарк аҿы ахархәаразы иаанхоит 280 мааҭ.

«Арҭ аԥарақәа рыла ҳара аусзуҩцәа руалафахәы рзаҳшәоит, абылтәи ахьшьтәи ааҳхәоит, амҩақәеи аҵыргәатә ҭӡқәеи еиҭашьақәҳаргылоит, уҳәа егьырҭ аусурақәа наҳагӡоит», - ҳәа илҳәеит Стелла Абӷаџьаа.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор ихаҭыԥуаҩ Енвер Лакербаиа апарк аҿы апроблемақәа маҷымкәа иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит — уи аӡы аҿықәтә ҵакыреи аԥшырҭақәеи роуп. Ихадоу апроблемақәа иреиуоу – иахәҭоу аҩаӡараҿы аус зымуа ацрыӡрыцқьаратә шьақәгылагақәа роуп.

«Рыцҳарас иҟалаз, апарк иамоу алшарақәа рыла иузыҟаҵогьы митәык ирацәам. 2021 шықәса инаркны амҩа аҭагылазаашьа иадҳәаланы ӷәӷәала апроблемақәа ыҟан, амҩа зегьы иахьаҵанакуа  ажрақәа каҭранла рҭырҭәаара мҩаԥган.    Џьара-џьара  3,5 км. рҟынӡа акаҭран шьҭарҵеит.   Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара адизаинерцәа ҳрыдҵаалеит, урҭ ҳара ҳзы проектқәак еиқәдыршәеит, аха ҳара атәылахьчара амобилизациатә ҽазыҟаҵара азы 60 млн. мааҭ ахьазоуҳажьыз инамаданы, ҳапроектқәа рынагӡара ҳалымшаӡеит. Ҳара асезон бзиа ҳазыԥшуп, апарк аҵакыра арҽеира азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Билеҭк ахәԥса аҟынтәи  50 мааҭ Очамчыреи Ҭҟәарчали араионқәа рахь адәықәҵара азы иҟоу ацәажәарақәа ҳаҳауеит, аха зны ҳара апарк аҵакыра иагу-иабзоу ҟаҳҵароуп, уи ашьҭахь хымԥада араионқәа ацхыраара рыҭара ҳазхиоуп», –  ҳәа иҳәеит Енвер Лакербаиа. 

Уи иажәақәа рыла, апансионат «Ауадҳара» аномертә фонд иадҳәалангьы апроблемақәа ыҟоуп. Зыԥсы зшьарц сҭаху рацәаҩуп, аха аҭыԥқәа разымхара ыҟоуп.

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор даҽа проблемак далацәажәеит – аекскурсантцәа гәыԥ-гәыԥла иаазго автобусқәа маҷуп. Аӡәырҩы рхатәы транспорт ала иаауеит, арахь амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәа маҷны иҟоуп.

«Аихагыларацәа змоу автопаркинг ургылар ҟалоит. Уи аҟынӡагьы мышкы зны ҳнеиуеит. Даҽакалагьы иауӡом, мап анакәха, апарк атерриториа ахь анеира аԥкрақәа алаҳгалар акәхоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Атуризм Аминистрра адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааит  632 нызықьҩык инареиҳаны.


Read 326 times - Ашәахьа, 24 Мшаҧы 2023 15:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.