25.Мшаҧы.2023

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ленинградтәи аобласть аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҩаша, мшаԥымза 25 рзы Ленинградтәи аобласть агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ  Игорь Петров напхгара зиҭо аделегациа идикылеит.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Бадра Гәынба аԥсуа ган Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи аобластьқәеи афедералтә субиектқәеи аус рыцура азы азҿлымҳара аанарԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ҳара ҳадәныҟатәи аполитика хадара аспектны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура аҳәаақәа рырҭбаара. Уи Урыстәыла асубиектқәа  рыда анагӡара залыршахом. Убри инамаданы, ҳара ҳзы акырӡа аанагоит Ленинградтәи аобласти ҳареи иҳабжьало аусеицура. Уи аҿиара бзиа амоуп, хырхарҭақәак рҿы иԥхьагылоу апозициақәагьы ааннакылоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәсазы Аԥсны анапхгаратә делегациа Ленинградтәи аобласть ахь авизит аиҿкаара азы асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Ҳара агәра ҳгоит ас еиԥш аимадарақәа аринахысгьы аҿиара шаиуо, шәара иахьатәи шәвизитгьы уи иҿыцу аимпульс шанаҭо», –  ҳәа иҳәеит иара.

Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ленинградтәи аобласть агубернатор Алеқсандр Дрозденко Аԥсны даҭаарц азы ааԥхьара шиҭаз иҳәеит. 

Игорь Петров Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ адкылара бзиеи ааԥхьареи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. Убри аан уи Алеқсандр Иури-иԥа лаҵарамза аҩбатәи азыбжазы амотомҩасрала Аԥсны аҭаара игәы иҭоуп ҳәа  иазгәеиҭеит.

Игорь Петров Аԥсни Ленинградтәи аобласти рыбжьара аусеицуразы азҵаарақәа жәпакы ыҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара арегионқәа жәпаки атәылақәеи аусеицура ҳабжьоуп, аха Аԥсны – уи иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит. Сара сгәаанагарала Урыстәыла атәылауаа зегьы Аԥсны ҷыдала иазнеиуеит. Шәара акы иаламҩашьо аԥсабареи изҩыдоу аҳауеи шәымоуп, ажәакала, шәтәыла џьанаҭ тәылоуп.  Уажәанатә ҳазҭаараны ҳаҟоу аҭыԥқәеи аусеицуразы иалхтәу аусхкқәеи рзы азԥхьагәаҭақәа ҳамоуп. Аусеицура ақыҭанхамҩа аусхкы ала имҩаԥыслоит жәаҳәарада», - ҳәа иҳәеит Ленинградтәи аобласть агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Игорь Петров.

Аганқәа аусеицура еиуеиԥшым аспектқәа ирылацәажәеит.

Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит:  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа; урыстәылатәи аган аҟынтәи – Ленинградтәи аобласть Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – агроааглыхратәии аԥсыӡкранхамҩатәии акомплекс ахантәаҩы Олег Малашьенко, Ленинградтәи аобласть адәныҟатәи аимадарақәа ркомитет ахантәаҩы Олег Коновалов.

 

 


Read 206 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.