25.Мшаҧы.2023

Аԥсны акоммунисттә партиа ахантәаҩы Минск ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи афашистҿагыларатә форум ихы алаирхәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Минск ақалақь аҿы Владимир Ленин иира Амш инамаданы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи афашистҿагыларатә форум. Уи рхы аладырхәырц иааит 50 ҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы  дыҟан  Аԥсны ахаҭарнакгьы.

Аԥсны Акоммунисттә партиа ахьӡала афорум ихы алаирхәит уи ахантәаҩы Бакур Бебиа.

Жәларбжьаратәи афашистҿагыларатә форум атема хада – апрогрессивтә мчқәа иҿыцу афашисттә шәарҭара аҿагылараҿы акоммунисттә ҵысра ахыдҵақәа.

Ари аҩбатәи афорум ауп. Актәи мҩаԥысит нанҳәамза, 2022 шықәсазы Урыстәыла аконгресс-цәыргақәҵатә центр «Патриот» аҿы. Белорусиа аусмҩаԥгатә аиҳарак Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҭоурых Аҳәынҭқарратә музеи аҿы амҩаԥгара рыӡбеит. Афорум аихшьаалақәа рыла аделегатцәа арезолиуциа рыдыркылеит.

Бакур Бебиа иара убас белоруссиатәи аҳҭнықалақь аҿы «Аҭынчреи аизҳазыӷьареи раллеиа» аартра ихы алаирхәит. 

 

                                        


Read 230 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.