26.Мшаҧы.2023

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла аԥҟара аишьцәа Багаҭелиаа рыда егьырҭ ахаҿқәа алахәын ҳәа иҟоу аинформациа ҵабыргӡам ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 5, 2023 шықәсазы «Лыхнашҭа» акомплекс иахьаҵанакуа игылоу аҭәаҵла изакәанымкәа аԥҟара афакт ала имҩаԥгаз заанаҵтәи аусҵаарала, мшаԥымза 11, 2023 шықәсазы ацәгьоураҿы игәҩароуп ҳәа иаанкылан Аԥсны атәылауаа аишьцәа Иракли  Ныгәзар-иԥеи Даур Ныгәзар-иԥеи Багаҭелиаа.

«Иарбоу ацәгьоура аҿы игәҩароу раанкылара алыршахеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәеи имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны. Иара убас игәҩароу руаӡәы уажәраанӡагьы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан аиԥш-зеиԥшу ацәгьоура ҟаиҵахьан ҳәа адырра ҟалеит», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аофициалтә саит.

Мшаԥымза 14, 2023 шықәсазы Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ацәгьоураҿы игәҩароу Иракли Багаҭелиа аҭакрала ахьырхәра изалхра азы аӡбамҭа аднакылеит, Даур Багаҭелиа изалхуп аҭыԥ ахымҵреи ишахәҭоу ала ахымҩаԥгашьеи рзы анапаҵыҩра.   

Убри инамаданы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ари ацәгьоура егьырҭ ахаҿқәагьы алахәын ҳәа аинтернет-ҵакыра аҿы ихьӡыдоу ахархәаҩцәа џьоукы иаладырҵәо аинформациа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.  

Уажәы аоператив-ԥшааратә усҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Прочитано 154 раз. Последнее изменение 26.04.2023.

 

 


Read 232 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.