27.Мшаҧы.2023

Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы 2023 шықәсазы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡареи аппарат аҭаххрақәа рзы  2023 шықәсазы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵи ашьақәыргылара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҩаӡара  –  9 аштаттә акқәа.

Аԥсны аҳәынҭқарратә Усбарҭа аппарат аҭаххрақәа рзы  2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 3 млн. 174 нызықь мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоуп.

Арҭ атәыла Анапхгара аӡбамҭақәа ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ишьақәгылаз азинеизыҟазаашьақәа ирыдҳәалахоит.

Аԥшьаша, мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәырӷәӷәахеит. Урҭ рынагӡаразы иазоужьхоит 5 млн. мааҭ.  

Аумҩаԥгатәқәа рыплан абарҭ апроектқәа рынагӡара азԥхьагәанаҭоит:

Ирласны аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа;

Аофициалтә документациа, аусеилыргара, иара убас иҷыдоу атерминологиа аԥсуа бызшәахьы аиҭагара;

Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа зықәра маҷӡоу рзы. Ицәажәо анбан» аелектронтә версиа аԥҵара;

Арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсуа бызшәа» (алагаратә ихадоу аҩаӡара) аиқәыршәареи аҭыжьреи;

Ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәеи рзы аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа рҭыжьра;

Амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи аԥсуа бызшәахьы реиҭагареи рдублиаж аҟаҵареи;

Аԥсышәала ицәажәо, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҭыжьра;

Лабҿабатәи ацхыраагӡақәа «Ахәыҷтәы плакатқәа» аԥсышәала  рҭыжьра;

Ахәыҷқәа рзы Платон Бебиа иажәеинраалақәа реизга «Амра ԥхоит» аԥсышәала аҭыжьра;

Анзор Мықәба ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз ипиеса-алакә «Ажьа-афырхаҵа» аҭыжьра;

Гәында Кәыҵниа ашколнӡатәи ақәра змоу ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала илҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Асааҭи аамҭеи» аҭыжьра;  

Владимир Аҵнариа аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рзы аԥсуа бызшәала ииҩыз, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәеинралақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра» аҭыжьра;

«Андерсен илакәқәа» аԥсшәа бызшәахьы аиҭагара;

Гәында Сақаниа илҩыз ашәҭқәа рыхьӡқәа зну, асахьақәа рыла еиқәыршәоу ахәыҷтәы жәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа»  аҭыжьра;

Аҵара аминистр Инал Габлиа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан апроект заанаҵы Аминистрра ахь ахәаԥшразы иахьынашьҭымыз азы агәынамӡара ааирԥшит.

«Аҵара Аминистрра ахь  аплан апроект нашьҭӡамызт. Раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц исҭаху, ашәҟәы «Ицәажәо анбан» ҳара ахәыҷбаҳчақәеи аҽазыҟаҵаратә классқәеи ирзаҳшахьеит. Аҳәынҭқарра уи азы аԥара азоунажьхьеит. Иҩбахаз, ашколхәыҷқәа рзы аодиошәҟәы атәы ҳәа ҳара акгьы ҳмаҳаӡацт. Ҳара иҳамоуп Аҵара аминистрра, апедагогика Аинститут.  Сара сгәаанагарала, арҵагашәҟәқәа рҭыжьра абызшәатә политика аҿиара азы аҳәынҭқарратә Еилакы афункциақәа ирыҵанакӡом. Ҳара хазы-хазы аусура ҳалагар, усҟан уи иахәҭоу алҵшәақәа аанарԥшӡом. Насгьы, дара Аминистрра ақәыршаҭаҭра ада џьара акыр ҭрыжьзар, урҭ ахәыҷқәа рыбжьара аларҵәара шԥаҟалои? Аҭыжьымҭа Аминистрра аҟны ақәыршаҳаҭра иахымсзар, усҟан иара ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь анашьҭра зыҟалаӡом», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Уи иара убас амультипликациатәии асахьаркыратәи афильмқәа рдублиаж атемагьы дазааҭгылеит.

«Уи, жәаҳәарада ус бзиоуп, аха ҳара ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа ртәы ҳәа акгьы ҳмаҳаӡацт», -ҳәа иазгәеиҭеит Инал Габлиа.

«Сара раԥхьатәи сышәҟәы» – азы иарбоуп 390 нызықь мааҭ, ҳара иҳаздырӡом ари аицҵалыҵ шышьақәыргылаз атәы». Аминистр иажәақәа рыла, Платон Бебиа ишәҟәы 2014 шықәсазы ирхиан, арахь аплан аҿы уи «аҭыжьра азыҟаҵара»  ҳәа иарбоуп.

«Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭеи Аминистрреи аус аимырххареи «доусы ихыза иара иахь ахара далагар», усҟан уи иҽеиу акагьы алҵӡом», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Габлиа.  

Аминистр убасҵәҟьа аԥсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа рымҩаԥгара дадгылоит, аха урҭ разыҟаҵара ахәҭаны иҟоуп.

«Сара ари аплан сзақәшаҳаҭхом , избан акәзар уи макьаназы ишахәҭоу исымбаӡацт, аспециалистцәа иҭырымҵааӡацт», - ҳәа иҳәеит  Инал Габлиа.

Аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниа,  иҟоу апроцедура инақәыршәаны, аплан аиустициа, афинансқәа, аекономика Аминистррақәа рахь идәықәҵан ҳәа иазгәалҭеит.  Лара еизаз иргәалалыршәеит, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ила аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд шаԥҵаз. 2014 шықәсазы акомитет аԥҵан, 2020 шықәсазы акомитет адепартамент аҳасабала аҵарадырра Аминистрра аструктура иалагалан.  

Уажәы уи аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара азы аҳәынҭқарратә Усбарҭоуп, уи аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа ирыҵанакуеит ҳәа иазгәалҭеит лара.

«Ҳара аҵара Аминистрра ахь ашәҟәы нашьҭтәуп ҳәа ҳарҳәазҭгьы, усҟан жәаҳәарада ус иҟаҳҵарын. Аамҭак азы аҵара Аминистрреи аԥсуа бызшәа аҿиара Афонди аусеицура бзиаӡа рыбжьан. Аусеицура ыҟан егьырҭ Аминистррақәа раангьы»,  – ҳәа илҳәеит Гәында Кәыҵниа.  

Алитература аҭыжьра атәы дазааҭгыло, Гәында Кәыҵниа, аҵара Аминистрра иҟанаҵо мацара аԥсуа быззшәа аҿиаразы иазхоны иҟам ҳәа иазгәалҭеит. «Ахәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо иҟаларц азы еиҳа ирацәаны урҭ рзы ашәҟәқәа ҭыжьлатәуп, аҳәынҭқарратә бызшәа ала иҟаҵоу аматериалқәа рыла еиқәыршәалатәуп. Ахәыҷқәа есымша ираҳауазароуп рхатәы бызшәа, уи ала еиуеиԥшым, аинтерес зҵоу аинформациа роулароуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниа.

 


Read 338 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.