27.Мшаҧы.2023

Аԥснытәи астудентцәа Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә Институт аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла» рхы аладырхәит.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Сара стәыла»

Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аусмҩаԥгатә иаҭааит аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.  Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аректор инапынҵақәа назыгӡо Артиом Ажгиревичи, апроректорцәа Игорь Артемиеви Марат Бадашкееви злахәыз астол гьежь аҿы Аԥсны, Виетнам, Доминикантәи Ареспублика, Египет, Иорданиа, Ирак, Ливан, Шьамтәыла, Судан, Таџьыкьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи асасцәа  аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәарц еизеит.

Астол гьежь аԥснытәи аган аҟынтәи рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкьиеи  атташе Станислав Қаџьааи.

Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Нури Хәарцкьиа адныҳәаларатә ажәхә ҟаиҵеит, уи аҵараиурҭа анапхгара ҿыц дрыдныҳәалеит, аринахысгьы ари аҵараиурҭеи Аԥсни аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит: «Аҵараиурҭа анапхгараҭара ҳџьынџьуаа ирынаҭо адгылара азы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Иахьа ауниверситет Аԥсны азы акыр зҵазкуа ахырхарҭақәа рыла зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа азыҟаҵаны иоунажьуеит.  Аҵараиурҭа аужьҭымҭацәа аӡәырҩы рзанааҭ ала қәҿиарала аус руеит. Ишьақәгылахьоу арҭ зеиӷьаҟам атрадициақәа рыцҵара шалыршахо азы агәыӷра ҳамоуп» - ҳәа иазгәеиҭеит Нури Хәарцкьиа.

Артиом Ажгиревич анаҩсгьы Аԥснытәи астудентцәа адгылара рыҭара дшазхиоу азгәеиҭеит. Уи гәахәарыла иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳ́әынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа ари аҵараиурҭа аужьҭымҭаны дшыҟоу.

Москватәи автомашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә университет (МАДИ) аҿы ацәыргақәҵа еиҿкаан. Араҟа изҭаху зегьы еиуеиԥшым ажәларқәа  ркультура аилкаара адагьы рчысқәа ргьама абарагьы рылшон. Ари ацәыргақәҵа Аԥсны ахаҭарнакцәагьы рхы аладырхәит.  Афестиваль аҿы аҵараиурҭа аҳәаанырцәтәи астудентцәа аҿиаратә номерқәа рыла иқәгылеит.  

Аԥсны ахьӡала дықәгылеит Валера Перцхелиа. Уи «Процветай Абхазия» ҳәа ашәа иҳәеит. Иара убас аҵараиурҭа астудентцәагьы аԥсуа кәашара нарыгӡеит.


Read 320 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.