27.Мшаҧы.2023

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Дмитри Торгашови Бесик Липартиеи рҭаацәа зныктәи асоциалтә цхыраара рыҭахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс имҩаԥысуа иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз Дмитри Торгашови Бесик Липартиеи рҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә цхыраара шьақәнарӷәӷәеит.  

Дмитри Торгашов иаб 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи асоциалтә цхыраара  изшәахоит Бесик Липартиа иҭаацәа –  500 нызықь мааҭ.  

Атәыла Анапхгара ала иара убас ишьақәыргылахеит Адам Лагәлаа иҭаацәа рзы иназыцҵоу асоциалтә цхыраара.  

 

Донбасстәи Жәлартә Республика хатәгәаԥхарала еибашьуаз Адам Лагәлаа иҭаацәа данҭаха амш инаркны иҭынхаз ихәыҷқәа рыцыԥхьаӡа есымза ирызшәалахоит 10 нызықь мааҭ.

Асоциалтә цхыраара ахәыҷқәа ироулоит 18 шықәса рхыҵаанӡа. Ахәыҷқәа латәарала иҷыдоу абжьаратәи, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵозар, усҟан урҭ  23 шықәса рхыҵаанӡа асоциалтә цхыраара раҭалахоит.


Read 363 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.